Аӡиудо | Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат агәыҧтә аицлабрақәа рҿы аиааира агеит  #1TVSPORT
Аӡиудо | Қырҭтәыла аизга Европа ачемпионат агәыҧтә аицлабрақәа рҿы аиааира агеит  #1TVSPORT

Монтенегро имҩаҧысуаз аӡиудо азы Европа ачемпионатаҿ  Қырҭтәыла аизга аиааира агеит. Аҳәсеи ахацәеи еилоу ргәыҧ аицлабрақәа рфиналаҿ  4:3 ҳәа италиатәи агәыҧ ириааит.

Афиналнӡа ақырҭуа ӡиудоистцәа Азербаиџьани  (4:0), Австриеи  (4:1) Германтәылеи (4:0) ириааит.

Хазхаҭалатәи аицлабрақәа рҿы Қырҭтәыла аизга  Европа ачемпионатаҿ 4 медальк аиуит. Гьаргь Сардалашвилии Илиа Суламаниӡеи Европа ачемпионцәахеит. Еҭер Липартелиании Тато Григалашвилии араӡнытә медальқәа ргеит.