Аӡиудо | Қырҭтәыла аизга адунеи ачемпионс иҟалеит  #1TVSPORT
Аӡиудо | Қырҭтәыла аизга адунеи ачемпионс иҟалеит  #1TVSPORT

Венгриа аҳҭнықалақьаҿ, Будапешт  имҩаҧысуа аӡиудо азы Адунеи ачемпионааҿ, еилаҧсоу агәыҧтә аицлабрақәа рҿы, Қырҭтәыла аизга, афиналаҿ 4:1 ҳәа Аладатәи Кореиа аизга иаиааины, адунеи ачемпионс иҟалеит.

Аӡиудо азы агәыҧтә чемпионат еилаҧсоу агәыҧла амҩаҧгара ианалага инаркны, Қырҭтәыла аизга, раҧхьаӡа акәны адунеи ачемпионра аиуит.

Адунеи ачемпионат хыркәшоуп. Хазхаҭалатәи аицлабрақәа рҿы Қырҭтәыла аизга 4 медальк аиуит  – Еҭер Липартелиани адунеи ачемпионс дҟалеит,  Тато Григалашвилии Гурам Тушашвилии авице-чемпионцәахеит, Лука Маисураӡе аџьазтә медаль игеит.