Аӡиудо | Қарҭ имҩаҧысуа Ашлем ду аҿы Лаша Шавдаҭуашвили актәи аиааира игеит #1TVSPORT
Қарҭ имҩаҧысуа Ашлем ду аҿы иахьа Қырҭтәыла аизга жәаҩык алахәылацәа иқәгылеит, урҭ рҟынтә атурнир аҿы бжьҩык иаанхеит.
Иахьа раԥхьаӡа дықәгылеит аӡиудо алегенда – Лаша Шавдаҭуашвили (73 кг), уи румыниатәи Борс Думитреску ипонла даҵаирхеит. Иара убас иахьа 1/8 финал аҿы иқәгылоит Михаил Бахбахишвили (73 кг), Заур Двалишвили, Коте Капанаӡе, Владимер Ахалкаци, Иракли Берошвили (рыззегьы 81 кг).
Гьаргь Чихелиӡе (73 кг) Ашлем ду актәи азбжаҿ дықәгылоит.
Заанаҵтәи ақәԥарақәа асҭааҭ 10:00 рзы иалагеит. Афиналтә блок асааҭ 17:00 рзы мҩаԥгахоит. Ишиашо арепортаж абара Актәи аканал аҿы шәылшоит.
Хәажәкыра 21 рзы Еҭер Липартелиани (57 кьыла) Қырҭтәыла актәи ахьтәы медаль азаалгеит, Ҭемур Нозаӡе араӡнытә медаль иоуит, Нино Лолаӡеи – аџьазтә медаль.