Аӡиудо | Иахьа Парижтәи аолимпиадаҿ иқәгылоит  Лаша Шавдаҭуашвилии  Еҭер Липартелиании
Аӡиудо | Иахьа Парижтәи аолимпиадаҿ иқәгылоит  Лаша Шавдаҭуашвилии  Еҭер Липартелиании

Париж имҩаҧысуа Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы иахьа Лаша Шавдаҭуашвилии (73 кг)  Еҭер Липартелиании (57 кг)  амедальқәа ирзықәҧоит.

Аолимпиатә медальқәа рыхҧагьы згахьоу Шавдаҭуашвили, актәи атураҿ, афранцыз  Жоан  Бенџьамин  Габа диацлабуеит.

Аҳәса рыбжьара  57 кьыла акатегориаҿ,  D аҳаҿ дықәгылоит Еҭер Липартелиани, иахьа лара британиатәи ақәҧаҩ т Лили Нерн дылҧылоит.

Заанаҵтәи аиҧыларақәа иалагоит асааҭ  12:00 рзы. Париж  имҩаҧысуа аолимпиадаҿ аӡиудо азы Қырҭтәыла аизга макьана мелькгьы амоуӡацт.