Аӡиудо азы адунеи ачемпион Гьаргь Сардалашвили (60 кг) Черногориа имҩаҧысуа Европа ачемпионатаҿ ахьтәы медаль игеит. Афиналаҿ Сардалашвили Аӡиудо азы жәларбжьаратәи афедерациа ахьӡала иқәгылоз Аиуб Блиев диааин, ақырҭуа аизга раҧхьатәи амедаль азааигеит.
Иахьатәи атурнир иалахәыз хҩык ақырҭуа спортсменцәа — Важа Маргвелашвилии, Ҭемур Нозаӡеи, Џьулиета Родонаиеи иаҵахан, аицлабра иалҵит.
Европа ачемпионат афиналтә блок ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ.