Аӡиудо  | Еҭер Липартелиани Аолимпиада аџьазтә медаль дазықәҧоит
Аӡиудо  | Еҭер Липартелиани Аолимпиада аџьазтә медаль дазықәҧоит

Парижтәи аолимпиада ахҧатәи амш азы дықәгылоит Еҭер Липартелиани (57 кг).

Иахьатәи аицлабраҿы ақырҭуа ақәҧаҩ бразилиатәи ақәҧаҩ длацлабуан. Афинал аҧшьабарак аҿы Липартелиани даҵахеит. Уажәшьҭа лара аџьазтә медаль дазықәҧоит. Аҵыхәтәантәи аблокаҿ монголиатәи ақәҧаҩ дылҧылоит.

Иахьа Париж дықәгылон  Лаша Шавдатуашвили (73 кг). Иара афранцыз  Жоан-Бенџьамин  Габа диҧылон. Иуадаҩӡаз ақәҧараҿы ақырҭуа ӡиудоист даҵахеит.