Аӡиудо | Ҭемур Нозаӡе Қарҭ имҩаҧысуа  Ашлем ду атурнираҿ араӡнытә медаль игеит #1TVSPORT
Аӡиудо | Ҭемур Нозаӡе Қарҭ имҩаҧысуа  Ашлем ду атурнираҿ араӡнытә медаль игеит #1TVSPORT

Қарҭ имҩаҧысуа Ашлем ду атурнир раҧхьатәи амш азы  афиналтә блок иалахәын хҩык ақырҭуа ақәҧаҩцәа, урҭ  рҟынтә Ҭемур Нозаӡе заҵәы амедаль игеит.

Афиналаҿ ақырҭуа спортсмен ихьыҧшым абираҟ аҵаҟа иқәгылоз Альберт Нагучев диацлабуан, ахам даҵахан, араӡнытә медаль игеит.  Лаша Надираӡеи  (66 кьыла)  Ҭорнике Мазиашвилии аџьазтә медальқәа ирзықәҧон, аха, аиааира рзымгеит.

Эҭер Липартелиани (57 кьыла) афиналахь диасит. Нино Лолаӡе аџьазтә медаль дазықәҧоит.