Аӡбаҩ  Лаша Чхикваӡе  аҳәамҭа ҟаиҵеит
Аӡбаҩ  Лаша Чхикваӡе  аҳәамҭа ҟаиҵеит

Аӡбаҩ Лаша Чхикваӡе  иҳәамҭа ишану ала, Ника Гварамиа изыӡба алаҳәара ашьҭахь, иара Америка ацҳаражәҳәара ахаҭарнак диҧылан, иеиҳәеит Америка ацҳаражәҳәаҩ интересс ишлымоу Ника Гварамиа абри аҩыза азыӡба иқәҵаны дызхаҭаркыз.

«Ника Гварамиа изы азыӡба анрыласҳәа ашьҭахь, Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿы Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак сиҧылеит  (Кевин Берком Америка аиустициа адепартамент аҟынтә), иара ишсеиҳәаз ала, Америка ацҳаражәҳәаҩ интересс илымоуп Ника Гварамиа  абри аҩыза азыӡбеи аҭакреи зиқәысҵаз.

Сгәы ишаанаго ала, иара  аконкреттә уск азы аҳасабырба ҟасҵар иҭахын. Мышқәак рышьҭахь ҳара визитла Америка ҳцараны ҳаҟан, аха, сара асиа санырхит.

Сара уи уамашәа избеит. Аха, арҭ ахҭысқәа уажәгьы инагӡоит. Аполитикатә мчқәак, зыӡбахәы ҳәоу аконкреттә ус амшала, асанкциақәа рыла исықәмақаруеит. Сколлегацәагьы абас рыхьыр сҭахым, избанзар, ишубарҭоу ала,  ари аус аилыргараан даргьы ҕәҕәала ирықәыҕәҕәоит.

Аполитикатә партиақәеи, адипломатиатә корпуси, жәларбжьартәии иҳәынҭқарратәыми аиҿкаарқәеи рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп аӡбара ақәыҕәҕәара иаҟәыҵырц, аӡбаҩцәа ҭынч аиашаӡбара амҩаҧгареи Қырҭтәыла Аконституциеи азакәани  ашьаҭала аӡбарақәа рыдкылареи  алшара ҳарҭарц», — иануп Лаша Чхикваӡе иҳәамҭаҿы, уи аланарҵәеит ателееилахәыра  «Рустави 2».