Аӡбаратә нагӡаҩы иқәлара зхарарҵо Нино Даҭашвили, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, абаандаҩтәра лықәырҵеит
Аӡбаратә нагӡаҩы иқәлара зхарарҵо Нино Даҭашвили, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, абаандаҩтәра лықәырҵеит

Змаҵзуратә ҧхықәрақәа назыгӡоз аӡбаратә нагӡаҩы иқәлара зхарарҵо Нино Даҭашвили, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, абаандаҩтәра лықәырҵеит.

Ахарадҵаратә аган Нино Даҭашвили лбаандаҩтәра иаҳәон. Апрокурор ишиҳәаз ала, лара дыбналар, ацәгьаура еиҭаҟалҵар, ма ашаҳаҭцәа дрықәыҕәҕәар ауеит.

Адукат  аӡбара иадигалеит 20 000 лари ахараԥса ашәара.

Даҭашвили аӡбаратә процесс аҿы ишылҳәаз ала, лара азарал лоуит ҳәа илыҧхьаӡоит.

Аусеилыргара адыррақәа рыла, сынтәа, рашәара  9 рзы, Қарҭ ақалақьтә аӡбараҿы аӡбаратә нагӡаҩы Даҭашвили лахь ааҧхьара ҟаиҵеит аиҿкаара еилалымгарц, аха, Даҭашвили, иажәа дахыҧаны, аӡбаратә нагӡаҩы диацәҳаит, нас, диҿасит. Рашәара 20 рзы Нино Даҭашвили  аҳәынҭқарратә маҵзуҩы иқәлара ахарадҵарала даанкылан.