Аӡбара  Мамука Хазараӡе аа-мза аҭакра иқәнаҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам
Аӡбара  Мамука Хазараӡе аа-мза аҭакра иқәнаҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам

 

Қарҭ ақалақьтә аӡбара апартии «Лело» алидер Мамука Хазараӡе аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеиразы  аа-мза аҭакра иқәнаҵеит, иара убас, иара ҩышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә маҵзураҭыҧқәа раанкылара азин имам.

Ари ақәҵара рылеиҳәеит аӡбаҩ  Звиад Шараӡе. Хазараӡе ихаҭа аӡбаратә процесс аҿы дыҟамызт.

Хазараӡе иус апрокуратурашҟа идәықәҵан хәажәкыра  25 рзы.  Мшаҧы 1 азы иара апарламенттә аамҭалатәи  аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеиразы ахара идырҵеит. Аӡбара, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала,  50 000 лари ашас ашәара иқәнаҵеит. Хазараӡе ари ашас ишәеит ишьақәыргылаз аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иара убас, иахьа, апартиа  «Лело» алидерцәа иреиу  Бадри Џьаҧариӡе иус азы ақәҵара рыдыркылоит. Иаргьы аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала  50 000 лари ашас ашәара иқәырҵан, иара ари аҧара ишәеит.