Адунеитә банк - Қырҭтәылазы 2023 шықәсатәи аекономикатә азҳара апрогноз 5.9% рҟынӡа иазҳаит
Адунеитә банк - Қырҭтәылазы 2023 шықәсатәи аекономикатә азҳара апрогноз 5.9% рҟынӡа иазҳаит

Адунеитә банк Европеи Агәҭанытәи Азиа арегион иазку аекономикатә аҳасабырба цәырнагеит, адокумент аҿы Қырҭтәыла аекономикатә азара апрогноз иаарԥшуп.

Аҳасабырба инақәыршәнаы,  Қырҭтәылазы 2023 шықәсатәи аекономикатә азҳара апрогноз 5.9% рҟынӡа иазҳаит.

„2022 шықәсазы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи Европеи Агәҭанытәи Азиеи ртәылақәа рыбжьара зегь реиҳа ирласны изҳауа аекономикақәа змоу тәылақәоуп”, – иануп аҳасабырба аҿы.

Қырҭтәыла 2023 шықәса аҩбатәи аквартал аҿы аекоомикатә импульс азҳара ахьчара алшеит, ари иабзоураны ҵыԥхтәи аҩбатәи аквартал аҵкыс аалыҵ ааглыхра 7.5% рыла иазҳаит. Убри аҟынтә Қырҭтәылазы 2023 шықәсатәи аекономикатә азҳара апрогноз 5.9% рҟынӡа иазҳаит.