Адунеитә банк апрогнозқәа рыла, 2022-2023 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аекономика 5-5,5% рыла иазҳауеит
Адунеитә банк “Аглобалтә економика аперспективақәа ирызку” аҳасабырба ҿыц инақәыршәаны, Қырҭтәыла 2021 шықәсазы амаз 10.5% азҳарала, Европеи Агәҭанытәи Азиеи рӡы зегь реиҳа ирласны изҳауа аекономика змоу атәылақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
Аҳасабырба инақәыршәаны, 2022-2023 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла аекономика 5-5,5% рыла иазҳауеит. Апрогноз, апандемиа иадҳәалоу аԥкрақәа рышьаҭала иҟаҵоуп.
Адунеитә банк аҳасабырбаҿ ишану ала, “Омикрон” иласу аларҵәара аекономикатә усзура иаԥырхагахоит. Аекономика ӷәӷәа змоу атәылақәа рекономикатә азҳара атемп маҷхоит, арҭ атәылақәа иреиуоуп ЕАШ-и Китаи.