Адунеитә банк Амшын Еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект азы 35 миллион америкатә доллар иаҟароу аинвестициа шьақәнарӷәӷәеит
Адунеитә банк Амшын Еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект азы 35 миллион америкатә доллар иаҟароу аинвестициа шьақәнарӷәӷәеит

Адунеитә банк анагӡаратә директорцәа рхеилак Қырҭтәылазы аенергошәарҭадара арӷәӷәаразы аафымцеимадареи ирҿыцу аенергиеи рпрограмма (ESPIRE Program) актәи афазазы 35 миллион америкатә доллар шьақәнарӷәӷәеит.

Апрограма ESPIRE хфазак рыла ишьақәгылоуп, уи апотенциатә финанстә пакет 500 миллион доллар иаҟароуп, апроект хықәкыс амоуп Амшын Еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект аҿиаразы Қырҭтәыла аинституциатә лшарақәа реиӷьтәра, аҭыԥантәи афымцамҩангалшаратә система арӷәӷәареи, Кавкази алада-мрагыларатә Европеи рыбжьара ишиашоу афымцеимадара ашьақәыргылареи.

Апрограмма ESPIRE иаԥҵоуп Амшын Еиқәа аӡаҵантәи акабель (BSSC) апроект аҿазыҟаҵаратә етапқәа рыдгыларазы. Апроект зырҿыцра ҟало аенергохыҵхырҭақәа рырҿиара иацхраауеит, иара убас, Евроеидгылеи Аахыҵ Кавкази рыбжьара атранзиттәии ахәаахәҭратәии алшарақәа азнарҳауеит. зыӡбахәы ҳәоу апроект ала иазҧхьагәаҭоуп Кавказтәи арегиони Европеи реимадара Амшын еиқәаҿы авольҳаракытә аӡаҵантәи афымцамҩангага ала. Лымкаала, Амшын еиқәа аӡаҵан иалсны ицо афымцамҩангагатә цәаҳәа Қырҭтәылеи Румынтәылеи ренергосистемақәа еиднаҳәалоит.