Адунеитә банк "Аконкурентралшара, аинтеграциа змоу иӷәӷәоу Қырҭәылазы" амеморандум дырхиеит
Адунеитә банк “Аконкурентралшара, аинтеграциа змоу иӷәӷәоу Қырҭәылазы” амеморандум идырхиеит, амеморандум инақәыршәаны, атәыла ииашоу анапхгараҭареи ихырҳагоу ааглыхратә ҭагылазаашьеи аекономикатә усзура ацхраауеит, аха аҩнуҵҟатәи азеиԥш аалыҵ азҳара 4-4ю5% аҳәаақәа рҿы иаанхарц азы, иашьҭанеиуа ареформақәа мҩаԥгатәуп.
“Аконкурентралшара, аинтеграциа змоу иӷәӷәоу Қырҭәылазы” хьӡы змоу адокумент иахьа Адунеитә банки Қырҭтәыла аиҳабыреи еицымҩаԥыргаз ауснагӡатә аҿы ицәырган.
Адунеитә банак аинформациа ала, атәыла аекономикатә меморандум аҿы иаарԥшуп Қырҭтәыла аҵыхәҭәантәи жәашықәса ирылагӡаны амаз ақәҿиарақәеи, иара убас арекомендациақәа аускытә политика ахырхарҭала.
Аахыҵ Кавказ аҿы иҟоу Адунеитә банк арегионтә директор Себастиан Молинеус ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла иқәҿиароу аекономикатә азҳара аман аҵыхәтәантәи жәашықәса ирылагӡаны, аха иашьҭанеиуа жәашықәса ирылагӡаны апрогресс ацәымӡырц азы, атәыла аҭыԥ аҿы аанымгылароуп, ԥхьаҟа ацара нанагӡароуп, аекономика амодернизациа, ареформақәа мҩаԥнагароуп.