Адукат игәаанагарала, Мегис Қардава Қырҭтәылаҟа аекстрадициа изыруеит ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала
«Мегис Қардава иекстрадициа иадҳәаланы аӡбаратә процесс мҩаҧган, ҳара ҳшшыҧхьыӡ иазҧхьагәарымҭеит, аекстрадициа иазку адҵа амч аиуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла арратә полициа адепартамент ҧасатәи анапхгаҩы Мегис Қардава идукат.
Максим Сиченко иҳәамҭала, уи аполитикатә аӡбароуп, апроцедура хықәкыла ирласын.
«Ҳара ҳзакәан инақәыршәаны, Қардава аекстрадициа изура азин рымамызт, аха, иаҳзымӡырҩит. Украина Аиустициа аминистрра аекстрадициазы адҵа ҟанаҵеит, ҳара уи ҳазашшуеит. Иахьа аӡбарҭаҿы ҳапеллиациа нарымгӡеит, адҵа азакәантә мчы амоуп, уи нагӡатәуп ҳәа ирыҧхьаӡеит», — иҳәеит Максим Сиченко.
Қырҭтәыла ашьауҕатә 10 уск рзы азыӡба зқәырҵаз Мегис Қардава Украина даанкылан 2017 шықәса абҵара 1 азы.
Қардава данааныркыла амш инаркны ақырҭуа аган иара иектрадициа иаҳәоит.
2018 шықәса ҧхынҷкәын азы, Қардава, аекстрадициа ацынхәрас аҩнытә баандаҩтәра иқәырҵеит.