Адукат Беқа Басилаиа иажәақәа рыла, Михеил Саакашвили иԥсы маҷҳан, дкаҳаит
Адукат Беқа Басилаиа иажәақәа рыла, Михеил Саакашвили иԥсы маҷҳан, дкаҳаит

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили идукат ажәақәа рыла, адукатцәа рҟны аиԥылара ашьҭахь, Михеил Саакашвили иԥсы маҷҳан, дкаҳаит.

Адукат Беқа Басилаиа иажәақәа рыла, Михеил Саакашвили данкаҳа, асакаса данҵаны дыргеит.

“Ижәдыруазароуп, уажәааны Михеил Саакашвили иҟны аиԥылара ихыркәшеит, ауаҭах дандәылҵуаз, иԥсы маҷҳан, дкаҳаит. Данкаҳа, асакаса данҵаны дыргеит. Апенитенциатә маҵзура ҳәамҭас иҟанаҵо ҳазыԥшуп,” – иҳәеит Басилаиа.