Адәныҟатәии европатәии аполитика кыраамҭатәи ахырхарҭа иазку Литватәи Сеим арезолиуциаҿы Қырҭтәыла евроинтеграциа адгыларагьы иазҧхьагәаҭоуп
Адәныҟатәии европатәии аполитика кыраамҭатәи ахырхарҭа иазку Литватәи Сеим арезолиуциаҿы Қырҭтәыла евроинтеграциа адгыларагьы иазҧхьагәаҭоуп

 

Литватәи Сеим адәныҟатәии европатәии политика кыраамҭатәи ахырхарҭа иазку арезолиуциа аднакылеит. Азакәанҧҵаратә орган асаит иану апрессрелиз инақәыршәаны, адәныҟатәи аполиткиа априоритетқәа ирылоуп Қырҭтәыла евроинтеграциа адгыларагьы.

Лымкаала,  Евроеидгыла Ахеилак аҿы Поьшеи Литвеи рхантәаҩра аан, 2025-и 2027-и шықәсқәа рзы,  литватәи апарламент  алшарақәа зегьы ахы анархәоит Евроеидгыла ассоциациатә партниорцәа Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи Евроеидгыла алахәылазааразы акандидат астатус рыҭаны, Евроеидгыла алаларазы дара рҟны аиҿцәажәарақәа иалагарц азыҳәан.

.