Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла Цхинвалтәи арегионаҿ алхрақәа рымҩаҧгара ҳақәыӡбоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2024 шәқәса рашәара 9 рзы Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла Цхинвалтәи арегионаҿ алхрақәа рымҩаҧгара иақәыӡбоит, ари афакт Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирылагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи еиланагоит, — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
«Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә мчыла иқәырцаз ауааҧсыра рыҩныҟақәа рахь ахынҳәра азин анрымам аамҭазы, иарбанзаалак алхрақәа изакәаным, жәларбжьаратә зин ахадаратә нормақәеи апринципқәеи ирҿагылоит.
«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи афедерациахь ааҧхьара ҟанаҵоит ахы иаднаҵаз жәларбжьаратәи ҧхықәрақәа нагӡаны, ахатә бџьармчқәа Қыҭәтәыла аҵакырадгьыл иалыргарц», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.