Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Израиль иашьашәалоу аструктурақәа аус рыцнауеит атерракт амшала иҭахаз атәылауаҩ иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа аиагаразы
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Израиль иашьашәалоу аструктурақәа аус рыцнауеит атерракт амшала иҭахаз атәылауаҩ иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа аиагаразы

Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа иашьашәалоу аструктурақәа аус рыцнауеит атерракт амшала иҭахаз атәылауаҩ иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа аиагаразы, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Израиль иҟалаз атерракт амшала иҭахаз атәылауаҩ иҭаацәареи, Израиль аиҳабыреи, ауриа жәлари ирыдашшылоит.

„Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ишьақәнарҕәҕәеит жьҭаара 1 азы иҟалаз атеракт аан Қырҭтәыла атәылауаҩк дышҭахаз. Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Израиль иашьашәалоу аструктурақәа аус рыцнауеит атерракт амшала иҭахаз атәылауаҩ иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа аиагаразы.  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Израиль иҟалаз атерракт амшала иҭахаз атәылауаҩ иҭаацәареи, Израиль аиҳабыреи, ауриа жәлари ирыдашшылоит. Қырҭтәыла атерроризм иарбанзаалак афакт ҕәҕәала иақәыӡбоит“, – иануп аинформациаҿы.

Тель Авив иҟалаз ахысраан ахәра зауз Қырҭтәыла атәылауаҩ ахәышәтәырҭаҿ дыҧсит. Зынӡа ари атеррактаан ааҩык ҭахеит. Азинхьчаҩцәа рҳәамҭала, ажәылара мҩаҧызгаз ҩыџьа атеррористцәа ишьуп.