Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцә инхо, аконсултә шәҟәы иҭагалоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыԥхьаӡара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцә инхо, аконсултә шәҟәы иҭагалоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыԥхьаӡара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцә инхо, аконсултә шәҟәы иҭагалоу Қырҭтәыла атәылауаа рхыԥхьаӡара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

“Ҳара аҳәаанырцә инхо, аконсулраҿы ашәҟәы иҭагалоу ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара иазкны аларҵәара зауз адыррақәа рҭак аҟаҵара ҳҭахуп. Џьоукы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә електронтә портал geoconsul.gov.ge аҿы икьыԥхьу астатистика рхы иадырхәаны,  апарламенттә алхрақәа рзы ашәҟәы иҭагалоуп 128000-ҩык ҳтәылауаа ҳәа адыррақәа аладырҵәоит, аха Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ацентртә алхратә комиссиа анаҭаз адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоуп  65 000-ҩык алхыҩцәа.

Аконсултә усбарҭақәа рсаит аусура алагеит 2015 шықәсазы аусура иалагеит. Асаиҭ аҿы ашәҟәы иҭагалоуп  2015 ашықәс инаркны уи зхы иазырхәаз ауаа зегьы, аконсултә шәҟәҭагаларагьы уахь иналаҵаны.

Иара убас ашәҟәы иҭагалоуп зықәра неихьоу Қырҭтәыла атәылауаа рымацара ракәымкәа, зықәра намӡац атәылауаагьы, иара убас Қырҭтәыла атәылауаҩра змам, инеитралу аныҟәаратә документқәа змоу ахаҿқәа. Асаит астатистикатә рбага инақәыршәаны –  (128,000-ҩык), 2015 инаркны ашәҟәы́ иҭагалоуп еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵаркуа ауаа”, – иануп аинформациа аҿы.