Адәныҟатәи аусҳәарҭа -Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы Польша ахырхарҭала ралгаразы Львовынтә автобус ҷыда ныҟәара алагоит
Адәныҟатәи аусҳәарҭа -Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы Польша ахырхарҭала ралгаразы Львовынтә автобус ҷыда ныҟәара алагоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы Польша ахырхарҭала ралгаразы Львовынтә автобус ҷыда ныҟәара алагоит.

“Автобус Львов-Варшава ахырхарҭала иныҟәалоит есымша, хәажәкыра 6 инаркны 10-нӡа, украинатәи аамҭала асааҭ  08:00-инаркны 09:00-нӡа.

Аҭыӡҭыԥ: Львов, Университетскаиа  N1, Ивано Франко ипарк, Львовтәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтә.

Автобус аҭалара рылшоит 50-ҩык, атәылауаа ревакуациазы хымԥада заанаҵтәи аҭаҩра аҭахуп, ари азы аус ауеит ацәаҳәа ҷыда: +380 (63) 376 77 68; +380 (63) 376 73 64“, – аарыцҳаит аминистрра аҟынтә.