Адәныҟатәи аусҳәарҭа - Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵареи Урыстәыла аԥшьгарала иалагоу аингетрациатә процессқәа Аԥсны арегион аҽалархәреи ирызку аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит
Адәныҟатәи аусҳәарҭа - Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵареи Урыстәыла аԥшьгарала иалагоу аингетрациатә процессқәа Аԥсны арегион аҽалархәреи ирызку аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит

Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи ахыдҵақәа пату рықәҵаны, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра нанагӡарц, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа закәандарала рымпыҵахалара аҟәыҵырц, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

„Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы арра-амшынтә мчқәа еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵареи Урыстәыла аԥшьгарала иалагоу аингетрациатә процессқәа Аԥсны арегион аҽалархәреи ирызку аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит.

Ари Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара реилагареи, Аԥсни Цхинвалтәи арегиони закәандарала рымпыҵахалара алегитимаца ахь зхы рхоу апровокациеи роуп иаанаго.

Жәларбжьаратәи аиҩызара Қырҭтәыла асуверенитет атерриториатә акзаареи ирыдгылоит.

Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи ахыдҵақәа пату рықәҵаны, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз ахымца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра нанагӡарц, Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа закәандарала рымпыҵахалара аҟәыҵырц”, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ари атәы ааицҳаит аҭыжьымҭа „Известия“ аинтервиу анаиҭоз ишааицҳаз, Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа  еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп, Урыстәылеи Аҧсны асепаратисттә режими иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит.