Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчинскии Германтәылатәи Афедеартивтә республика ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишери дырԥылеит.
Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациала, “Евроеидгылеи Германтәылеи рҿы имҩаԥгаз аиԥыларақәа Зураби Адеишвили иҽалархәра иадҳәаланы ақырҭуа ган Евроеидгылеи Германтәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа агәынамӡара аофициалла рзаанарԥшит”.
„Зураб Адеишвили акыршықса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла адемократиеи, азинтә ҳәынҭқарра апринципқәеи, ауаҩы ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи, аӡбарҭа ахьыҧшымреи иаҕрагылоз арепрессиатә режим ахаҭарнакцәа дреиун. Зыӡбахәы ҳәоу арежим иалаӡит ауаа рацәа рыҧсҭазаареи, ргәабзиареи, рмышхәыбзазареи. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгылеи Германтәыла афедеративтә республикеи рҿы Зураб Адеишвили идкылара афакт европатәи адемократиа азинтә ҳәынҭқарра аидеиа иазгәыкуп ҳәа иҟоу агәаанагара иҵнашәаауеит.
Евроеидгылеи Германтәылеи рҿы имҩаԥгаз аиԥыларақәа Зураби Адеишвили иҽалархәра иадҳәаланы ақырҭуа ган Евроеидгылеи Германтәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа агәынамӡара рзаанарԥшит”, – иануп аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.