Адәныҟатәи аусбарҭа - Урыстәыла ахадеи Цхинвалтәи ампыҵахаларатә режими "аҩбатә-тәылауаҩреи Урыстәыла атәылауаа рзы атәылауаҩра аиура армариареи рпроцедурақәа" ирызкны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра изакәаным ампыҵахалара анагӡароуп
Урыстәыла ахадеи Цхинвалтәи ампыҵахаларатә режими “аҩбатә-тәылауаҩреи Урыстәыла атәылауаа рзы атәылауаҩра аиура армариареи рпроцедурақәа” ирызкны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ала, Москва Аԥсни Цхинвалтәи арегиони изакәаным рымпыҵахалареи де-факто раннексиеи нанагӡоит, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Урыстәылатәи афедерациа 2000-тә ашықәсқәа раан иалагеит Қырҭтәыла арегионбқәа Аԥсни Цхинвалтәи арегиони ртәылауаа изакәаным рпаспортизациа, 2008 шықәсазы ари илегалым апроцесс аҿагылара арратә агрессиа ахылҵит.
“Жәларбжьаратәи аиҩызара Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла имҩаԥнаго изакәаным апаспортизациа апроцесс иаҿагылоит, Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи иазханаҵоит,” – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.