Адам Кинзингер – Ақырҭуа жәлар ҩ-мҩак роуп ирымоу, ма аурыс ҳәынҭқаррас иаанхароуп, ма аиҳабыра ҿыц алырхроуп
Адам Кинзингер – Ақырҭуа жәлар ҩ-мҩак роуп ирымоу, ма аурыс ҳәынҭқаррас иаанхароуп, ма аиҳабыра ҿыц алырхроуп

Ҧасатәи ареспубликатә конгрессмен, уажәазы ателееилахәыра  „Си-Ен-Ен“ аполитикатә комментатор Адам Кинзингер Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан  „Твиттер“ аҿы иҟалҵаз аҳәамҭа алаирҵәеи, уаҟа адипломат Баҭымтәи абаҕәазашҟа акруизтә лаинер Асториа аҭалара иаҿагылаз акциа дахцәажәеит.

Ҧасатәи аконгрессментгьы абри ахҭыс далацәажәеит: „Ианаамҭаз сара Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны аимадара ҕәҕәа сыман, убри аҟынтә,  иахьа дара   (Қырҭтәыла аиҳабыра) авторитаризм ашҟа рхы рхоуп ҳәа сгәы иаанагоит, дара рхатә ауаажәлар ргәыҕрақәа нарыгӡом. Ақырҭуа жәлар 2 мҩак  роуп ирымоу  – ма аурыс ҳәынҭқаррас иаанхароуп, ма аиҳабыра ҿыц алырхроуп“, – иҩит Кинзингер.