Аҵысра «Ииашоу алхрақәа» аҳәамҭа ҟанаҵеит
Аҵысра «Ииашоу алхрақәа» аҳәамҭа ҟанаҵеит

«Ииашоу алхрақәа» абжьқәа еицтәароу рыԥхьаӡараан цқьа еилкаау алҵшәақәа ҵәырыргеит.

«Аҩнуҵҟатәи аудит алҵшәақәа шьақәдырӷәӷәеит PVT аметодологиа аиашара, анаԥшцәа рдыррақәа мшра шрылам. Аха алхратә субиектқәа рыбжьқәа рыԥхьаӡара аформула гхақәак аман.

«Ииашоу алхрақәа» алхратә процесс шымҩаԥысуаз иахылаԥшуан. Амониторинг аан еиҿкаара хаҭарнакцәа рызцәырҵыз агәаанагара инақәыршәаны, 2020 апарламенттә алхрақәа аҵыхәтәнтәи аамҭазы зегь реиҳа илаҟәу́ астандартқәа рыла имҩаԥгаз алхрақәа роуп ҳәа иԥхьаӡоуп,» – аарыцҳаит еиҿкаара аҟынтә.