Нанҳәа 19 рзы Аиашахаҵаратә уахәама иаԥылоит Анцәа Иҽеиҭакра аныҳәа.
Амшныҳәa инaмaдaны Қырҭтәылa aкaтоликос-пaтриaрх Илиa aҩбaтәи aныҳәaтә aнцәaимaҵзурa Сaмебa aкaфедрaлтә ныхaбaa aҿы мҩaҧигеит.
Ажәытә жәабжь ишаҳәо ала, Иаса Қьырса изааигәаӡаз хҩык иҵаҩцәа Пиотри, Иакови, Иоанни Галилеиаҟа амҩа ишаныз, уи ицны ашьхахь ихалеит аматанеира еицымҩаԥыргарц. Уа аҵаҩцәа ирбеит Иаса Қьырса Иҽеиҭакра – иара анцәахәы ихаҿсахьа иманы, маҭәа лашала, дкаԥха-каҷҷо ацҳаражәҳәаҩцәа рҿаԥхьа дцәырҵит.
Анцәа Иҽеиҭакра Нанҳәатәи ачгара ахьынӡацо иаԥылоит. Аныҳәа аӡаҭыраз анцәахаҵаҩцәа азин рымоуп аԥсыӡ рфар. Анцәа Иҽеиҭакра амш азы ашәыри ауҭраҭыхи рыԥшьоит.