Ачымазара лаҽқәеи акьыба ачымазарақәеи зыхәшәтәуа 300 апрепаратқәа рзы иахьа инаркны ареференттә ахәқәа амч роуеи
Ачымазара лаҽқәеи акьыба ачымазарақәеи зыхәшәтәуа 300 апрепаратқәа рзы иахьа инаркны ареференттә ахәқәа амч роуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррала, уажәшьҭа 1100 инареиҳаны апрепаратқәа рзы ахә хыхьтәи аҳәаа шьақәыргылоуп.
Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, ахәшәқәа реиқәыҧхьаӡеи урҭ рыхәқәеи жәбар шәылшоит аминистрра авебдаҟьаҿы.