Ачемпионцәа рлига афинал  1/4  аҵәҭаҧсара  – «Наполи»  «Милан» иацлабуеит  #1TVSPORT
Ачемпионцәа рлига афинал  1/4  аҵәҭаҧсара  – «Наполи»  «Милан» иацлабуеит  #1TVSPORT

Швеицариатә Нионаҿ имҩаҧган УЕФА Ачемпионцәа рлига афинал  ¼ аҵәҭаҧсара.

Хвича Кварацхелиа дахьыхәмаруа аклуб  «Наполи»   «Милан» иацлабуеит.  Актәи аматч мҩаҧгахоит  «Стадио Марадона» аҿы.

Егьырҭ аклубқәа абас еизшоуп:

«Реал» — «Челси»

«Интер» — «Бенфика»

«Манчестер Сити» — «Бавария»

Афинал  ¼ раҧхьатәи аматчқәа мҩаҧысуеит мшаҧы  11 – 12 рзы,  аҭакттәи аматчқәа  —  мшаҧы 18 – 19 рзы.

«Наполи»  афиналбжьахь иасыр,    «Интер» — «Бенфика» аматч аҿы аиааира зго аклуб иацлабуеит.