Аҵаақәышьқьраара | Европа ачемпионат аҿы апрограмма кьаҿ ашьҭахь Анастасиа Губанова актәи аҭыԥ аҿы дыҟоуп #1TVSPORT
Аҵаақәышьқьрааразы Европа ачемпионат аҿы дықәгылоит Анастасиа Губанова. Лара апрограмма кьаҿ 68.99 балл рыла ихлыркәшан, актәи аҭыԥ ахь дииасит.
Ажьырныҳәа 31 рзы лара зхы иақәиҭу апрограммала дықәгылоит. Губанова 2024 шықәсазы Каунас имҩаԥысуаз Европа ачемпионат аҿы араӡнытә медаль лоуит, 2023 шықәсазы Финдиандиа, Еспоо ақалақь аҿы Европа дачемпионхеит.