Аҵаақәышьқьраара | Европа ачемпионат аҿы Анастасиа Губанова араӡнытә медаль лоуит #1TVSPORT
Аҵаақәышьқьраара | Европа ачемпионат аҿы Анастасиа Губанова араӡнытә медаль лоуит #1TVSPORT

Естониа аҳҭнықалақь, Таллин имҩаԥысуа Европа ачемпионат аҿы Анастасиа Губанова зхы иақәиҭу апрограммаҿ 129,62 балл лоуит, еизакны Губанова 198.61 балл еизылган, араӡнытә медаль лоуит.

Анастасиа Губанова. Лара апрограмма кьаҿ 68.99 балл рыла ихлыркәшеит.

Европа дачемпионхеит естониатәи Нина Петпркина, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит бельгиатәи Нина Пинзароне.

Губанова 2024 шықәсазы Каунас имҩаԥысуаз Европа ачемпионат аҿы араӡнытә медаль лоуит, 2023 шықәсазы Финдиандиа, Еспоо ақалақь аҿы Европа дачемпионхеит.

Европа ачемпионат аҿы Лука Берулавеи Анастасиа Метелкинеи аџьазтә медальқәа роуит.  Аспортсменцәа апрограмма кьаҿ 57,03 балл рыла ихдыркәшан, ажәбатәи аҭыԥ ааныркылеит. Зхы иақәиҭу апрограммаҿ Лука Берулавеи Анастасиа Метелкинеи 134,85 балл роуит, еизакны 191,88 балл роун, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит. Европа ачемпионцәа ртитул роуит анемец спортсменцәа Фабьен Хассеи Никола Володини, аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп италиатәи Сара Контии Николо Маккии.