Абиуро аилатәараҿы  «Адырраҭара иазку» азакәан иаларгалараны иҟоу ариашарақәа цәырган
Абиуро аилатәараҿы  «Адырраҭара иазку» азакәан иаларгалараны иҟоу ариашарақәа цәырган

Абиуро иахьатәи аилатәараҿы  «Адырраҭара иазку» азакәан иаларгалараны иҟоу ариашарақәа цәырган.

Ариашарақәа инрықәыршәаны, адырраҭарақәа, ишиашо, ма ҽакала атәым ҳәынҭқарра аҟынтә афинансыркра аиура азин рымам.

Азакәанпроект инақәыршәаны, атәым мчы ала адырраҭара амаҵзура аахәара ҟалом. Убри адагьы, азакәанпроект инақәыршәаны, адырраҭарақәа, асоциалтә ӡыргара ацынхәрас ишиашо аӡыргара адкылара азин рымам.