Абҵра 9 инаркны Қарҭи, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории Ԥути асааҭ 22:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵра ҟалом
Абҵра 9 инаркны Қарҭи, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории Ԥути асааҭ 22:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵра ҟалом

Абҵра 9 инаркны Қарҭи, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории Ԥути асааҭ 22:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵра ҟалом. Ари атәы аалыцҳаит вице-аԥыза Маиа Цқитишвили.

Аиҭаҵра ҟалом амашьынақәеи рыла, иара убас шьапыла.

“Абҵaрa 9 инaркны, aқaлaқь дуқәa – Қaрҭи, Қәҭешьи, Бaҭыми, Русҭaвии, Жәыргьыҭи, Гории, Ҧуҭии –  aсaaҭ 22:00 инaркны 05:00-нӡa aиҭaҵрa ҟaлом шьaпылaгьы aтрaнспорт aлaгьы. Ари aҧкрa aмч aмaзaaуaм жәлaрбжьaрaтәи aидaрaмҩaнгaрa aусхкы aҿы. Зусурa хымҧaдоу aуaaҧсыреи aтрaнспорттә хaрхәaгaқәеи, урҭ рыбжьaрa aмедицинaтәи aфaрмaцевттәи зкызaaрa змоу aобиектқәеи, aстрaтегиaтә ҵaкы змоу aобиектқәеи, aмедиеи рхaҭaрнaкцәеи aнaгaрa aсервис aкуриерцәеи еиҭaҵыр рылшоит Аоперaтивтә штaб aҟны еиқәшaҳaҭрaлa,” – илҳәеи Маиа Цқитишвили.