Абҵра 1 инаркны 15-нӡа ҳтәылаҿы агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа атәылауаа зегьы хәыԥсада ирзыҟарҵоит
«Абҵра 1 инаркны 15-нӡа ҳтәылаҿы агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа атәылауаа зегьы хәыԥсада ирзыҟарҵоит», — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аҟынтә.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, аҳәынҭқарра Abbott Biologicals B.V. авакцинақәа аанахәахьеит. Ариск гәыԥ иалоу атәылауаа агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа хәыԥсада рзыҟарҵоит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, жьҭаара аҩбатәи абжа инаркны алаҵа аҟаҵара аиммунизациазы асервис змоу ахәышәтәырҭақәа рҿы ҟалоит, аклиникақәа рсиа Ачымaзaрaқәa рхылaҧшрaзы aмилaҭтә центр авебдаҟьа ианылеит.