Абҵара инаркны Қырҭтәыла зехьынџьара абылтәыҭаҭәарҭақәа ргәаҭара иалагоит
Абҵара инаркны Қырҭтәыла зехьынџьара абылтәыҭаҭәарҭақәа ргәаҭара иалагоит

Абҵара инаркны Қырҭтәыла зехьынџьара абылтәыҭаҭәарҭақәа ргәаҭара иалагоит.

Абылтәы ахаҭабзиара агәаҭара амзызла, атәыла зехьынџьара, 80 абылтәыҭаҭәарҭақәа, заанаҵы агәҽанҵара рымҭақәа, игәарҭоит, –  амедиаҳолдинг „Квира“ апрессклуб аҿы имҩаҧгаз апрессконференциаҿы ари атәы аалыцҳаит аҧсабарахьчара ахылаҧшратә  департамент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Нели Коркотаӡе.

Уи лҳәамҭала, атәыла зехьынџьара 80 абылтәыҭаҭәарҭақәа гәарҭоит, 240 хкы ргоит.

Нели Коркотаӡе ишылҳәаз ала, сынтәа абылтәыҭаҭәарҭақәа 10 гәарҭеит.

„Раҧхьатәи аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, абәылтәы иалоу арҟьашьратә маҭәашьарқәа зегьы иахьазы амч змоу арегулиациақәа ирышьашәалоуп. Ҵыҧх, ари аганахьала аилагарақәак иҟан. 3 еилахәырак ахараҧса рықәырҵеит. Ҳара 2014 шықәса инаркны аҭҵаарақәа  мҩаҧаагоит, аха абылтәы аҿы атса ахаан иҳамбацт, “ – илҳәеит Нели Коркотаӡе.