Абҵара 28 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ишьақәгылаз ашәарҭадара аҩаӡара "ҟаԥшь" аԥыхоуп, иахьа инаркны амч амазаауеит аҩаӡара "ҩежь"
Абҵара 28 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ишьақәгылаз ашәарҭадара аҩаӡара "ҟаԥшь" аԥыхоуп, иахьа инаркны амч амазаауеит аҩаӡара "ҩежь"

Абҵара 28 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ишьақәгылаз ашәарҭадара аҩаӡара “ҟаԥшь” аԥыхоуп, иахьа инаркны амч амазаауеит аҩаӡара “ҩежь”.

“Қырҭтәыла апарламент ахан ашәарҭадара арӷәӷәара иазку аҵас ашьақәырӷәӷәара иазку” Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы 2023 шықәса цәыббра 4 рзы ишьақәирӷәӷәаз N1/259/23 адҵа инақәыршәаны, абҵара 28 рзы Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ ишьақәгылаз ашәарҭадара аҩаӡара “ҟаԥшь” аԥыхоуп, абҵара 6 инаркны амч амазаауеит аҩаӡара “ҩежь“, – иануп аҳәамҭаҿы.

Апарламент адырра ишану ала, апарламенттә усмҩаҧгатәқәа рахь инарышьҭуеит иашьашәалоу аструктуратә хәҭақәа рҟынтә ааҧхьара зауз ахаҿқәа мацара, иара убас, ахыбрашҟа инарышьҭуеит   акредитациа змоу ателедырраҭара/ателемедиа аҟынтә 2 гәыҧк иреиҳамкәа.