Абҵара 2-3 рзы Аботаникатә баҳчаҿ  „Ашәҭқәа рцәыргақәҵа“ мҩаҧысуеит
Абҵара 2-3 рзы Аботаникатә баҳчаҿ  „Ашәҭқәа рцәыргақәҵа“ мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла Амилаҭатә ботаникатә баҳча  аиҿкаарала, абҵара  2-3 рзы ботаникатә баҳчаҿ традициас ишьақәгылаз ауснагӡатә  – ҭагалантәи  „Ашәҭқәа рцәыргақәҵа“ мҩаҧысуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә батаникатә баҳча.

Аинформациа ишану ала, ауснагӡатә мҩаҧысуеит  асааҭ  12:00 инаркны  18:00-нӡа.

„Ауснагӡатә иазҿлымҳахо ауааҧсыра  аекоарккаратә программақәа рзеиқәыршәоуп, урҭ рыбзоурала, дара аҵиаақәа рдунеи иҭҵааны, еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәыр рылшоит. Ахәаҧшцәа еиуеиҧшым ашәҭқәеи анаплыхқәеи аархәар рылшоит.  „Ашәҭқәа рцәыргақәҵаҿы“ ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа ртематикатә ҧҵамҭақәагьы цәырыргоит. Ишаҧу ала, Аботаникатә баҳчаҿ „Ашәҭқәа рцәыргақәҵа“ есышықәса, ҭагалан имҩаҧысуеит. Ахәаҧшцәа ирҿыцу аколлекциа рбар рылшоит“, – иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә ботаникатә баҳча аинформациаҿы.