Абас Араҕчи  - Иран ахатә суверинитети, аинтересқәеи, ажәлари рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит
Абас Араҕчи  - Иран ахатә суверинитети, аинтересқәеи, ажәлари рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит

Иран ахатә суверинитети, аинтересқәеи, ажәлари рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит, – иҩит Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Абас Араҕчи асоциалтә аҳа X аҿы Америка Иран атомтә обиектқәа ианрааха ашьҭахь.

Араҕчи ишазгәеиҭаз ала, ЕАР Ашәарҭадара ахеилак еснагьтәи алахәыла, Америка, Иран аҭынчратә атомтә аргыламҭақәа раахара ала, ЕАР аҧҟанҵеи, жәларбжьаратәи зини еиланагеит.

„Уажәааны иҟалаз ахҭыс ҳгәы ҧнажәеит, уи акыраамҭалатәи алҵшәа ахылҵуеит. ЕАР алахәылацәа зегьы абри даараӡа ишәарҭоу, азакәандаратә, акриминалтә хҭыс иадҳәаланы ргәынамӡара аадырҧшыроуп. ЕАР аҧҟанҵа инақәыршәаны, Иран, ахыхьчара амзызла, алегитимтә аҭак аҟаҵара азин амоуп. Иран ахатә суверинитети, аинтересқәеи, ажәлари рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟанаҵоит”, – иҩит Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Иахьа Америка Иран атомтә 3 обиектк ираахеит.