Абанктә аиҿкаара - Қырҭтәыла иҟоу абанкқәа жәларбжьаратәи арезолиуциала иҳәаақәҵоу астандартқәеи асанкциақәеи рықәныҟәои
Қырҭтәыла иҟоу абанкқәа жәларбжьаратәи арезолиуциала иҳәаақәҵоу астандартқәеи асанкциақәеи рықәныҟәоит, – иазгәаҭоуп Қырҭтәыла Абанктә аиҿкаара аҳәамҭа аҿы.
“Қырҭтәыла амилаҭтә банк аҳәамҭа ҳақәшаҳаҭханы, Қырҭтәыла Абанктә аиҿкаара ахьӡ ала иазгәаҳҭоит:
Ҳазҭагылоу амчыбжь азы урыстәылатәи аканалқәа рҿы аларҵәара аиуит аинформациа Амилаҭтә банк асанкциақәа ззымҩаԥырго афинанстә институтқәа аԥкрақәа рзыьақәнаргылом ҳәа. Ари имцуп, Украина имҩаԥысуа агрессиа хәҭоуп.
Қырҭтәыла аус зуа акоммерциатә банкқәазегьы жәларбжьаратәи арезолиуциала иҳәаақәҵоу астандартқәеи асанкциақәеи рықәныҟәоит.
Иахьа, Қырҭтәыла зегьы украинатәи жәлар анрыдгыло, адемократиатә хәынаӡарақәа анрыдгыло аамҭазы, аҵак ду амоуп адезинформациа аларҵәара аҿагылара аус,” – иануп Қырҭтәыла Абанктә аиҿкаара аҳәамҭа аҿы.