«Абанк Џьорџьиа» ақәларазы иаанкылоу Григол Нарсиа иҳәамҭала, абри ацәгьаура иара ида уаҳа аӡәгьы далахәымызт, иҟаиҵаз дахьхәоит
«Абанк Џьорџьиа» ақәларазы иаанкылоу Григол Нарсиа иҳәамҭала, абри ацәгьаура иара ида уаҳа аӡәгьы далахәымызт, иҟаиҵаз дахьхәоит

«Абанк Џьорџьа» қәҭешьтәи афилиал ақәларазы иаанкылоу Григол Нарсиа аилыркарақәа ҟаиҵеит иара Урыстәла абираҟи, ацәгәыри,  аҧареи,  агежьҧрыгеи дзаҳәоз.

Иара иажақәа рыла, абанк ақәлараан аӡәгьы дицымызт, иара иҟаиҵаз дахьхәоит.

«Абанкаҿ иҟаз ауаа атҟәара изгеит. Анеҩс, абанк ашә аркны, заанаҵы исырмазеиз аҧжәага адысҵеит. Абанк аусзуҩцәа аҧара сырҭарц ирыдасцалон. Дара ҧарақәак иршәны исырҭеит, аха, уи маҷызшәа сгәы иабеит. Убри аҟынтә, абанкаҿ аус зуа ӡҕабк иласҳәеит аиҳабы   аҭел дизасны  аҧара аалгарц. 2 миллион адоллари, Урыстәыла абираҟи, ацәгәыр алабеи сзааргар атҟәацәа иоусыжьҭуеит ҳәа расҳәеит.  Иара убас, амашьынеи қәҭешьтәи ажәытә аеродромаҿ агежьҧрыгеи сзеиқәдыршәарц расҳәеит. Агежьҧрыгала Қырҭтәыла сықәҵны Аҧсни Урыстәылеи ахырхарҭала сцар сҭахын.  Урыстәыла абираҟ агежьҧрыга ахаргыланы аҳәаа сыхысыр сҭахын.  Нас, аҧара узааҳгеит, ашәыра умазар ҳәа исазҵааит, исымоуп ҳәа расҳәеит. Убри аамҭазы, иаалырҟьаны, азинхьчаҩцәа ахыбра иҩналан, сааныркылеит. Аҳәызба, аҧжәага уҳәа,  исымаз акымзаракгьы схы иасмырхәит.  Ацәгьаура шыҟасҵаз иазхасҵоит, уи сахьхәоит. Сымацара сыҟан, ари ацәгьаура уаҳа аӡәгьы далахәымызт», — иҳәеит  Григол Нарсиа.