Аб Шио Муџьири Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински диҧылеит
Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио (Муџьири) Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински диҧылеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Апатриархиа аҟынтәи.
Аинформациа ишану ала, Герчински иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҭоурыхаҿ Аиашахаҵаратә уахәама иааннакыло аҭыҧ ҷыда, уи шьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылатәи ареитинг аҿы Аиашахаҵаратә уахәама иамоу аҧхьагыларагьы.
«Амитрополит Шиои (Муџьири) адоуҳатә хаҿқәеи асас ари авизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәарҭаз ала, Европа азааигәахара апроцессаҿ ақырҭуа амилаҭтә традициақәа хымҧада иазҧхьагәаҭатәуп. Адоуҳатә хаҿқәа ишырҳәаз ала, атрадициатә ҭаацәара аҵакы ду амоуп, ақьырсиантә принципқәа хымҧада ихьчазароуп.
Аиҧылараҿы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Европа алалара амилаҭтә принципқәа рцәыӡра акәӡам иаанаго, Европа еиуеиҧшым ажәларқәа реизааигәахареи, ҭынч реицынхареи иацхраауеит.
Иара убас, аиҧылара алахәылацәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирыҧну аҭыҧқәа ирықәынхо ауааҧсыра рпроблемақәагьы ирылацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, ақырҭуаа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь анеиреи руацәа рнышәынҭрақәа рхылаҧшреи алшара рымам», — иануп Қырҭтәыла Апатриархиа аинформациаҿы.