Аб Досифеи иҳәамҭала, Асинод иахьатәи аилатәараҿы авакцианциа азҵаарагьы иалацәажәар ҟалап
Аб Досифеи иҳәамҭала, Асинод иахьатәи аилатәараҿы авакцианциа азҵаарагьы иалацәажәар ҟалап

Бельгиатәи Голландиатәи аепархиақәа репископ, аб Досифеи ишиҳәаз ала, Асинод иахьатәи аилатәараҿы авакцинациа азҵаарагьы иалацәажәар ҟалап, избанзар адинхаҵаҩцәа ари азҵаара иадҳәаланы ауахәама апозициа интересс ирымоуп.

«Асинод аилатараҿы иқәдыргыло азҵаарақәа сыздырӡом. Иахьазы актуалтә ҵакы змоу азҵаарақәа ҳрылацәажәап ҳәа сгәыҕуеит.  Авакцинациа азҵаарагьы иалацәажәар ҟалап, избанзар адинхаҵаҩцәа ари азҵаара иадҳәаланы ауахәама апозициа интересс ирымоуп», — иҳәеит аб Досифеи.

Иахьатәи аилатәараҿы аб Петре иалцаҵара азҵаара иалацәажәома ҳәа ианиазҵаа Досифеи ишиҳәаз ала,  ари азҵаара иалацәажәом.

Апатриархиаҿы Асинод Цқьа аилатәара иалагеит асааҭ   12:00 рзы.