Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩыс дҟарҵеит Ҭамаз Бестаев
Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩыс дҟарҵеит Ҭамаз Бестаев

Ҭамаз Бестаев Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩыс дҟарҵеит. Аиҳабыра радминистрациа адыррала, иахьа аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бестаев диҧыланы амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идиныҳәалеит.

Ҭамаз Бестаев  ари аҭыҧ ааникылеит  Дмитри  Санакоев ицынхәрас. Аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыҩныҵҟа Бестаев  Аахыҵ Уаҧстәыла администрациаҿы агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан.