Ааҧхьара ҿыц апарламент актәи аилатәара (афото)
Ааҧхьара ҿыц апарламент актәи аилатәара (афото)

Ажәабатәи ааҧхьара Қырҭтәыла апарламент актәи аилатәара мҩаҧысуеит. Аилатәара аалыртит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили. Актәи аилатәараҿы Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамар Жваниа апарламент аҿы ицәырылгеит алхрақәа рылҵшәақәа.

Актәи аилатәараҿы адепутатцәа апарламент ахантәаҩи, ихаҭыҧуааи, акомитетқәа рнапхгаҩцәеи алырхуеит.

Ажәабатәи ааҧхьара апарламент актәи аилатәараҿы иҟан Қырҭтәыла аус зуа адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа.

Аоппозициа апарламент аилатәарашҟа имнеит, дара абоикот нарыгӡоит.