Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациала, фымз ирылагӡаны Қырҭтәыла иаҭааит хмиллионҩык иреиҳаны жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа
Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациала, фымз ирылагӡаны Қырҭтәыла иаҭааит хмиллионҩык иреиҳаны жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа

Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа ала, 2024 шықәса I-II акварталқәа рҿы Қырҭтәыла иаҭааит 3 021 067-ҩык жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа (ҵыԥх аҵкьыс +5.6% иреиҳаны).

«2024 шықәса ажьырныҳәа-рашәаразы Қырҭтәыла иаҭааит 2 123 816-ҩык жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа (ҵыԥх аҵкьыс +10% иреиҳаны).

2024 шықәса аҩбатәи акварта аҿы Қырҭтәыла иаҭааит 1 720 516-ҩык жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа (ҵыԥх аҵкьыс +4,2% иреиҳаны).

Мшаԥы-рашәаразы Қырҭтәыла иаҭааит 1 185 172-ҩык жәларбжьаратәи аныҟәаҩцәа (ҵыԥх аҵкьыс ++9,2% иреиҳаны)”, – аарыцҳаит Атуризм азы амилаҭтә администрациа аҟынтә.