Аԥсабаразы амилаҭтә агентра амшцәгьа инамаданы ауааԥсыра агәҽанҵара рнаҭоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра амшцәгьа инамадагы ауааԥсыра агәҽанҵара рнаҭоит.
Агентра аинформациа ала, ԥхынгәы 18-19 рзы Қырҭтәыла ҵакыраӡ, ҷыдала Кавказтәи ашьхақәа рзонаҿ, аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, џьара ақәа ӷәӷәа леиуеит, џьара-џьара адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, ақәоура амшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит. Иара убас, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап.