Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынгәы 4-6 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынгәы 4-6 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынгәы 4-6 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, амцашоура афон аҿы, ԥхынгәы 7 рзы Қырҭтәыла регионқәак рҿы ақәа леир ҟалап. Ԥхынгәы 4 рзы мраҭашәараҿ, ԥхынгәы 5-6 рзы мрагылараҿ аҳауа аԥхарра +33, +38 градус иаҟарахоит.

Қарҭ аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Ԥхынгәы 4 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +33, +35 градус иаҟарахоит, ԥхынгәы 5-6 рзы +36, +38 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): ԥхынгәы 4 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +31,+33  градус иаҟарахоит. Ԥхынгәы 5-6 рзыи аамҭа аамҭала ақәа леир ҟалоит, аҳауа аԥхарра ҽынла +27, +29 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) амцашоура афон аҿы ақәа леир ҟалап, адыди амацәыси, акырцхи иазыԥшуп. Ԥхынгәы 4 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +33, +35 градус иаҟарахоит, ԥхынгәы 5-6 рзы +36, +38 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап, аԥша ӷәӷәа ҟалоит, акырцх леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +25, +27 градус иаҟарахоит.