Аԥыза-министри анапхгара рхаҭарнакцәеи Шови арыцҳара иалаӡыз ауаа ҳаҭырла ирлгәалашәеит
Аԥыза-министри анапхгара рхаҭарнакцәеи Шови арыцҳара иалаӡыз ауаа ҳаҭырла ирлгәалашәеит

Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡеи анапхгара рхаҭарнакцәеи Шови арыцҳара иалаӡыз ауаа ҳаҭырла ирлгәалашәеит.

Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ашҟа инеиз аԥыза-министр ицын Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили, аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәа.

Шовтәи арыцҳара ҟалеижьҭеи шықәсык ҵит. Ҵыԥх, нанҳәа 3 рзы иҟалаз адгьылбгара иалаӡит 33-ҩык, 32-ҩык рыԥсыбақәа рыԥшааит.