Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿ аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥган.
Ахеилак алахәылацәа атәылаҿ иубарҭоу аекономикатә тенденциақәеи, имҩаԥысуа, иара убас имҩаԥысран иҟоу апроектқәеи аиҳабыра аԥшьгара ҿыцқәеи рыхцәажәеит.
Аилатәараҿ Аҷара автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе ахеилак алахәылацәа Баҭым имҩаԥысуа, иара убас имҩаԥысран иҟоу аинфраструктуратә проектқәа ирызкны аинформациа риҭеит.
Иазгәаҭан, адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иахәамԥшыкәа, атәыла ҩрыцхә рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара шамоу, ари атенденциа ахьчаразы аиҳабыра аекономикатә гәыԥ активтә режим аҿы аусура нанагӡоит.
Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵзура.