Аԥыза-министр Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рҭаацәарақәа рылахәылацәа дрыдашшылеит
Аԥыза-министр Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рҭаацәарақәа рылахәылацәа дрыдашшылеит

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу, 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рпанихидаҿ дыҟан.

Аиҳабыра рнапхгаҩи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии анагӡаратәи азакәанԥҵаратә мчра ахаҭарнакцәеи Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу хабарда ибжьаӡыз ахаҿқәа рҭаацәарақәа рылахәылацәа ирыдашшылеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати  Аџьар Қаҧшь жәларбжьаратәи акомитети  русеицура ала,  1990-тәи ашықәсқәа раан хaбaрдa ибжьaӡит ҳәa иҧхьaӡaз 16-ҩык рыԥсыбаҩқәа импыҵахалоу Аҧснынтә иагоуп. Зыҧсыбаҩқәа ииагоу, зыхьӡқәа еилкаау 16-ҩык рҟынтә 7-ҩык аруаа роуп, 9-ҩык аҭынчуаа роуп.

1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьреи 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьареи раан  хабарда ибжьаӡыз ауаа рыҧшаара амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, раҧхьаӡа акәны аҧсыбақәа ҧшааны ииаргеит 2013 шықәсазы. Зыӡбахәы ҳәоу амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы зынӡа иҧшааны ииагоуп 621-ҩык рыҧсыбаҩқәа, урҭ рҟынтә  316-ҩык рыхьӡқәа еилкаауп, 2000-ҩык хбарда иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.